Dil Hakları İzleme Belgeleme ve Raporla Ağı (DHİBRA) bileşeni 99 örgüt, kurum, platform 21 Şubat Dünya Anadili Günü dolayısıyla Türkiye'de var olan 19 anadil ile ilgili taleplerini duyurdu.
Rapordaki diğer 18 anadili için tıklayın
19 anadilde yapılan açıklamanın Abazacası şöyle:
УНЕСКО (UNECKO) 17 Абҵара-мза 1999 шықәсазы иҟанаҵаз алаҳәара ишаҳәо ала, 21 Жәабран-мза Жәларбжьаратә Ахатәыбызшәа Амш инамаданы, зхатәыбызшәа аҵаки изыԥсоуи здыруа иазҿлымҳау ицивилтәу ауаажәларра рлахәцәа рыхьӡала, 2021 шықәсагьы еиҭа ҳгәазыҳәарақәа еиҭаҳҳәаразы ҳаизеит.
Ҭырқәтәыла азы беиароуп ҳәа иазыҳаԥхьаӡо ахатәыбызшәақәа зегьы, ауааԥсырагьы ирыдыркыло иацыхраауа иалагар, ҳаиԥшымзаарақәа рла ҭынч ҳанхаразы гарантиас ыҟалап ҳәа ҳазхәыцуеит. Абызшәа иамоу азин иаҿагылоу аԥынгылақәа ррыцқьара, адемократиа змоу аҳәынткаррақәа зегьы ирзымԥсахуа ԥҟарроуп. Ари атема иазҿлымҳахарц зухәҭоу аҳәынткарра, нас ажәлари ауаҩытәыҩса хаҿы змоу зегьы иаҳуалуп.
Адунеи аҟны ашәарҭара иҭагылоу абызшәақәа раԥхьа инаргыланы, иеиуеиԥшым Ҭырқәтәылатәи абызшәақәа реиқәырхаразы зхы иамеигӡакәа уахи-ҽни аџьабаа збо ауаа нас аусҳәарҭақәа ҳтәыла акултура беиара шеиздырҳауа дырны еснагь ишрыцыхратәу ҳдыруазароуп.
Абызшәа иамоу Азинқәа узырбо Ртекникатә қьаадқәеи Рдоқьумантациақәеи еилыкка иаарԥшу Рҳасабырба еимадаратә Аидгылақәа ДҲИБРА (DHİBRA) рыхьӡ ала контекстс иҳамоу ааԥхьара абарҭ роуп:
1- Ахатәыбызшәақәа рырҵареи аусбарҭақәа рыҟны рхархәареи азы еиҳа алибералтәу еиҳа азакәантә зин змоу аԥҟаррақәа аԥҵаны иҟоу аԥҟаррақәагьы ԥынгыла рмамкәа иҟаҵатуп.
2- Ашәарҭара иҭагылоу абызшәақәа ҳахьчаразы илабҿабоу ашьаҿақәа еихгатуп, ари аус атема ала аус зуа ицивилту ауаажәларратә организациақәа ирласны ацхыраара рҭатуп.
3- Атәыла аҟны иеиуеиԥшым ахатәыбызшәақәа ирызкны ауниверситетқәа рыҟны аҟәшақәа (аинститутқәа, афакултетқәа)рларҵәатуп, иҟоугьы рхыҵхыртақәеи рҭаӡареи еизырҳатуп.
4- Иеиду Ажәларқәа Рзеиԥш Ассамблеиа ишақәнаргылаз 2 Цәыббырамза 1990 шықәсазы алшаа зырҭаз нас Ҭырқәтәыла 2 Абҵарамза 1995 шықәсазы иаднакылаз Ахәыҷқәа Ризинқәа рыхьчара Рықәшаҳатхара аҟны ахатәыбызшәа иазку ахәтаҷқәа хԥа (3) рзы Ҭырқәтәыла иҟанаҵаз ақәшаҳатымра аԥыхны иақәшаҳаҭхароуп.
-Абызшәа иамоу азинқәа, ауааҩытәыҩсатә зинқәа ирыцрымшәо иахәтаҷуп!
Адунеи абызшәақәа зегьы Рхатәыбызшәа Амш ныҳәазааит!
Çeviri: Ирфан Ахәаҷба (RT)